Не жалею, не зову, не плачуАбхазский язык

Сгәырҩаӡом, сахьҵәыуам. Сгәы еиқәҳәалан,
Сымшқәа иреиӷьу срышьҭаҧшуеит уеизгьы.
Ашәаҧыџьаҧ инархьыст ҭагалан,
Сқәыҧшны уаҳа сыжәбарым саргьы.
Сгәы, изцәыӡыз анкьатәи аҧхарра,
Мца-қьоуқьадхан уаҳа уеибакрым,
Шьапеилых аҵааҵла рыккара
Сыҩуа сыҵан уаҳа сыжәбарым.
Ԥхьан иқәҧа-қәсуаз аҽарҭынчит схәыцра.
Амца сҿыкәыҳәҳә исҳәарым сҿахәы.
Инеиқәтәеит сцәаныррақуа рыӡхыҵра,
Илеихәлацәеит сыблақәа рҧырӷы.
Исзырбазеи, ҭынч, гурҩада сшыҟаз,
Сыҧсҭазаара – ҧхыӡу, лабҿабоу? –
Сцазшәа сниас ааҧын шьыжьыказ,
Сқәыҧшра-аҽыхәа сышьхәақәа нарбо!
Уаароуп аҧсҭазара. Уи ҳамҭас
Ирымҭац аӡәгьы – агәра шәымгеи!
Аҧсабара алҧха умаз, иаақәлаз
Знык ушәҭны уаныҵырц адунеи.

О переводе

Переводчик: Денис Чачхалия

Переводы на другие языки